Урсула фон дер Лаиен – Урыстәыла уажәшьҭа ҳзықәгәыҕша партниорым, Евроеидгыла Украина иадгылоит
Урсула фон дер Лаиен – Урыстәыла уажәшьҭа ҳзықәгәыҕша партниорым, Евроеидгыла Украина иадгылоит

Еврокомиссиа ахада  Урсула фон дер Лаиен  лҳәамҭала,  Евроеидгылазы урыстәылатәи анефҭ азы ембарго ашьақәыргылара мариам, аха, кыраамҭатәи аперспективаҿы ахадаратә принципқәа рыхьчаразы, Евроеидгыла Урыстәыла аҧара аҭара иаҟәыҵроуп.

«Иҵегьы аамҭа ҳҭаххаргьы, ҳара амҩа ииаша ҳануп», — илҳәеит  фон дер Лаиен.

Еврокомиссиа ахада лгәаанагарала, Евроеидгыла урыстәылатәи агаз ахьыҧшызаарагьы еиҵнатәароуп, избанзар, уажәшьҭа Урыстәыла, узықәгәыҕша партниорым.

Лара лажәақәа рыла, Евроеидгыла Украина иадгылоит.

«Евроеидгыла Украина иадгылоит. Ари аибашьраҿы Украина аиааира агар ҳҭахуп», — илҳәеит  фон дер Лаиен.