Урсула фон дер Лаиен  - Амшын еиқәа иалсны ицо аӡаҵантәи афымцатә кабель алшара ҿыцқәа ҳнаҭоит, уи абзоурала Қырҭтәыла афымцатә центрс иҟалоит
Урсула фон дер Лаиен  - Амшын еиқәа иалсны ицо аӡаҵантәи афымцатә кабель алшара ҿыцқәа ҳнаҭоит, уи абзоурала Қырҭтәыла афымцатә центрс иҟалоит

Амшын еиқәа иалсны ицо аӡаҵантәи афымцатә кабель алшара ҿыцқәа ҳнаҭоит, уи абзоурала Қырҭтәыла афымцатә центрс иҟалоит, Европа аҩныҵҟатәи аенергетикатә џьармыкьа иаҳа еиҕьхоит,   илҳәеит Еврокомиссиа ахада Урсула фон дер Лаиен Румынтәыла,   Котрочен аханаҿ данықәгылоз. Лара лажәақәа рыла, ари апроект Амшын еиқәа аҵакы иаҳа ишьҭнахуеит. Лара иаҵшьны иазгәалҭеит Урыстәыла Украинаҿ аибашьра ианалага Евроеидгыла урыстәылатәи афымца ахархәаразы мап шыркыз.

«Амшынеиқәатәи аӡаҵантәи акабель алшара ҿыцқәа ҳнаҭоит. Ари апроект ҳареи Қырҭтәылеи хырҳагара ду ҳзаанагоит.   Уи абзоурала Қырҭтәыла афымцатә центрс иҟалоит, Европа аҩныҵҟатәи аенергетикатә џьармыкьа иаҳа еиҕьхоит. Насгьы, Амшынеиқәатәи аӡаҵантәи акабель Молдовеи Мраҭашәаратә Балканқәеи ҳгәылацәа ирыцхраауеит, ҳәарада, Украина аиҭашьақәыргылара апроцесс аҿгьы  иҳацхраауеит .

Ари апроект даараӡа ҳақәгәыҕуеит. Ҳара ҳхықәкы наҳагӡароуп  – аенергоаиқәыршәареи, аекономикақәа ргармонизациеи. Убри аҟынтә, апроект атехнико-економикатә аҵаҵгәыркра сахыццакуеит. Ҳара ари апроект ҳадгылоит, избанзар, азеиҧш интересқәа ирыҵанакәа апроектқәа аҧара рзоушьҭра алшара ҳамоуп, ари апроект аҿы азеиҧш интересқәа лабҿаба иубарҭоуп.  Ари апроект Амшын еиқәа аҵакы иаҳа ишьҭнахуеит», — илҳәеит  Урсула фон дер Лаиен.