Урыстәылеи Беларуси зымҽхак дуу арратә азыҟаҵарақәа еицымҩаҧыргоит
Урыстәылеи Беларуси зымҽхак дуу арратә азыҟаҵарақәа еицымҩаҧыргоит

Иахьа Урыстәылеи Беларуси азеиҧш арратә азыҟаҵарақәа рымҩаҧгара иалагеит. Ари атәы аанацҳаит ВВС.

Аларҵәара зауз аинформациа инақәыршәаны, азыҟаҵарақәа 10 мшы инагӡахоит, урҭ рхы рыладырхәоит 30 нызқьҩык аурыс аруааи, аракетатә комплексқәа  «С-400»  2 баталионки, 35 анырҵәагақәеи. Беларус дыҟоуп Урыстәыла Аштаб хада аҧыза Валери Герасимов.

Азыҟаҵарақәа нагӡахоит жәабран 20нӡа.