Урыстәылатәи атҟәараҿы иҟаз аполк «Азов» анапхгаҩи уи ихаҭыҧуаҩи рхы иақәиҭуп
Урыстәылатәи атҟәараҿы иҟаз аполк «Азов» анапхгаҩи уи ихаҭыҧуаҩи рхы иақәиҭуп

Украинатәи АИХ адыррақәа рыла,  урыстәылатәи атҟәараҿы иҟаз аполк «Азов» анапхгаҩы Денис Прокопенкои  уи ихаҭыҧуаҩ Свиатослав Паламари,  украинатәи амшынтә ашьаҟауаа рнапхгаҩы Сергеи Волынскии  рхы иақәиҭуп.

Телеграм-каналқәа ишаарыцҳаз ала,   «Азов» аибашьцәа рхақәиҭтәра ацынхәрас,  Урыстәылаҟа идырхынҳәит урыстәылатәи аҧырҩцәеи асолдатцәеи.

Иара убас,  ишаарыцҳаз ала,  атҟәацәа реиҭныҧсахлара апроцесс аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Урыстәыла дарҭароуп аоппозициатә партиа алидер,  Владимир Путин идгыло абизнесмен Виктор Медведчук,  аха,  ари аинформациа макьана ишьақәырҕәҕәам.