Урыстәылатәи аих ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла Казахстан ар аиагара алагеит
Урыстәылатәи аих ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла Казахстан ар аиагара алагеит

Урыстәылатәи аих ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла Казахстан ар аиагара алагеит.

“Риа новости” аинформациа ала, “Казахстан аынчрат контингент урыстәылатәи ахәҭа аиагара Урыстәыла аҳауатә-космостә мчқәа арратә-транспорттә авиациала нагӡоит”.

Иаха, Казахстан ахада Касим-Жомрат Ҭоҟаев атәылаҿ аҭыԥ змоу ахҭысқәа адәныҟатәи агрессиа актуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵан, ацхырааразы аколлективтә шәарҭадара аиқәшаҳаҭра аиҿкаара алидерцәа рахь ахазырхара ҟаиҵеит.

Ажьырныҳәа 2 рзы Казахстан апротесттә акциақәа иалагеит. Аханатә, ауааҧсыра агаз ахә ацҵара иадҳәаланы апротест ҟарҵон, нас, атәыла анапхгара рамхреи ҧасатәи ахада Нурсултан Назарбаев аполитикантә ицареи иаҳәон. Актоба ақалақь аҿы адемонстрантцәа административтә хыбра аҩналара рҽазыркит, азинхьчаҩцәа урҭ реимппаразы алаҕырӡ аазго агаз рхы иадырхәит. Алматы ақалақь аҿы адемонстрантцәа араионтә администрациа ахыбра мчыла иҩналеит. Аих рдыррақәа рыла, администрациа ахыбра иблит.

Казахстан ахада иӡбарала, атәыла аиҳабыра рнапынҵақәа шьҭарҵеит. Атәылаҿ аҭагылазаашьа ҷыдеи акоменданттә сааҭи рылаҳәоуп.