Урыстәыла украинатәи ақалақь Николаеви Харьковтәи атәылаҿацә анхарҭатә пунктқәеи иржәлеит
Нанҳәа 3 рзы, ашырҧазы урыстәылатәи арбџьармчқәа украинатәи ақалақь Николаеви Харьковтәи атәылаҿацә анхарҭатә пунктқәеи аракетақәа аларыжьит. Ари аинформациа аланарҵәеит Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Украина аҳәынҭқарратә маҵзура.
Николаевтәи атәылаҿацә администрациа анапхгаҩы Витали Ким иҳәамҭала, хҩык ахәрақә роуит, урҭ ахәышәтәырҭашҟа инагоуп, аҭыҧаҿ ауаа рацәа амедицинатә цхыраара рырҭеит.