Урыстәыла Украина иазку амеморандум атекст аланарҵәеит.
Аҭышәынтәаларазы ашьаҭатәи параметрқәа:
“Ҟрыми, Лугансктәи Жәлартә Республикеи, Донецктәи Жәлартә Республикеиа, Запорожиетәи, Херсонтәи аобластқәеи Урыстәыла рылалара жәларбжьаратәи-зинтә азхаҵара; Украина анеитралитет алаҳәара, арратә алиансқәа рылалара мап ацәкра; Украина егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рырратә усмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы мап ацәкра; Украина атомгәыцәтә бџьар амамзаара; Украина арбџьармчқәа иреиҳаӡоу рхыԥхьаӡара ашьақәыргылара; Урыстәыла аганахьала ишьақәгылаз аекономикатә санкциақәа раԥыхра; аурыс бызшәала ицәажәо ауааԥсыра рзинқәеи рхақәиҭреи рыхьчара, Украинатәи Аиашахаҵаратә уахәама аусзура иадҳәаланы ишьақәгылаз аԥкрақәа раԥыхра, анацисттә идеологиа афырхаҵара аҳасабала ахныҟәара аанкылара; Украинаҟны адипломатиатәи аекономикатәи еизыҟазаашьақәа шьаҿа-шьаҿала реиҭашьақәыргылара; аибашьра ахылҿиааз аԥхасҭа иадҳәаланы ҩганкалатәи апретензиақәа мап рыцәкра; аҭаацәа реидкылареи атәыла аҩныҵҟа ихҵәоу ауааԥсыра ирыдҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара“.
Адокумент аҿы иаагоуп хымца аанкылара ҩвариантк:
“Актәи авариант: Украина ампыҵахалара аҵаҟа иҟоу Урыстәылатәи атерриториақәа – Ҟрыми, Лугансктәи Жәлартә Республикеи, Донецктәи Жәлартә Республикеиа, Запорожиетәи, Херсонтәи аобластқәеи – рҟынтәи Украина арбџьармчқәа раалгара.
Аҩбатәи авариант: Украинатәи арбџьармчқәа аиҭаҵразы ақәиҭымтәра; амобилизациа аанкылареи адемобилизациа рылаҳәареи; ахԥатәи атәылақәа рырратә хаҭарнакцәа рдәылцара; Киев аҳәаанырцәтәи арратә цхыраара аҟәыҵра; Киев Урыстәыла иаҿагыланы имҩаԥнаго адиверсиатә усмҩаԥгатәқәа мап рыцәкра; аполитбаандаҩцәа рамнистиеи иҭакыз аҭынч уааԥсыра рхақәиҭтәреи; Украина арратә ҭагылазаашьа аԥыхра; ахымца аанкылара ашьҭахь 100 мшы ирылагӡаны алхра ҿыцқәа рымҩаԥгара».
Рашәара 2 рзы Сҭамԥыл Урыстәылеи Украинеи рделегациақәа аҩбатәи реиԥылара мҩаԥган.