Урыстәыла Одесса ақалақь ахырхарҭала аракетатә жәылара мҩаԥнагеит
Урыстәыла Одесса ақалақь ахырхарҭала аракетатә жәылара мҩаԥнагеит

Урыстәыла Одесса ақалақь ахырхарҭала аракетатә жәылара мҩаԥнагеит.

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Одесса ахырхарҭала ишьҭын ԥшьракетак раҟара, ракетақәак аҳаиртә хыхьчаратә система иабзоураны кажьын, ракетак ауаа рацәаны ахьынхо араион аҿы ҩнык ақәҳаит.

Аҭыԥ аҿы аус руеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рмаҵзуреи амцарцәаратә маҵзуреи русуҩцәа.

Аихқәа ишаарыцҳаз, иҭахеит хҩык.

Одесса аганахьала имҩаԥгаз ажәылара иазкны аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр.

„Аҭыԥ змаз аракетатә жәылара хықәкыс амоу атероруп. Урыстәыла атероризм иадгыло тәылас рылаҳәатәуп. Абизнеси, аимадарақәеи, акльтуратә проектқәеи зегьы аԥыхтәуп. Аҭынч ақалақь аганахьала аракетатә жәылара мҩаԥызгаз агмыгреи ацивилизациеи  рыбжьара аҭӡы ргылатәуп ”, – иҩит Кулеба.