Урыстәыла Чернигов ахырхарҭала имаганаз аракетатә жәылараан ахәрақәазауз рхыԥхьаӡара 117-ҩык рҟынӡа инаӡеит, иҭажеит бжьҩык, ақалақь аҿы хымштәи алахьеиқәҵара рылаҳәоуп
Урыстәыла Чернигов ахырхарҭала имаганаз аракетатә жәылараан ахәрақәазауз рхыԥхьаӡара 117-ҩык рҟынӡа инаӡеит, иҭажеит бжьҩык, ақалақь аҿы хымштәи алахьеиқәҵара рылаҳәоуп

Урыстәыла украинатәи ақалақь Чернигов ахырхарҭала имаганаз аракетатә жәылараан ахәрақәазауз рхыԥхьаӡара 117-ҩык рҟынӡа инаӡеит. Ари ааицҳаит  ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡо Александр Ломак. Иҭахаз дреиуп фышықәса зхыҵуа ахәыҷы.

Аракета ақалақь агәҭа аахеит.

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, ажәылараан Чернигов агәҭаны иҟоу адраматә театр аҿы дронқәа рааглыхцәеи аероԥшыхәратә школқәеи рхаҭарнакцәа реиԥылара мҩаԥысуан.

Нанҳәа 19-21 ақалақь аҿы алахьеиқәҵаратә мшқәоуп.