Украина аштаб хада - Урыстәыла арратә мчқәа рыхәҭа Киеви Чернигови рокругқәа иалҵуеит, ари адырра шьақәдырӷәӷәеит урыстәылатәи аган
Украина аштаб хада - Урыстәыла арратә мчқәа рыхәҭа Киеви Чернигови рокругқәа иалҵуеит, ари адырра шьақәдырӷәӷәеит урыстәылатәи аган

Украина аштаб хада  аинформациа ала, Урыстәыла арратә мчқәа рыхәҭа Киеви Чернигови рокругқәа иалҵуеит.

Украина аштаб хада аҟынтә ишаарыцҳаз, урыстәылатәи арбџьармчқәа ауадаҩрақәа рымоуп арӷәӷәареи аротациеи рганахьала.

Ари адырра шьақәдырӷәӷәеит урыстәылатәи аган. Ҭырқәтәыла имҩаԥгаз аиҽцәажәара ашьҭахь Урыстәыла ахада ицхырааҩ Владимир Медински ишааицҳаз, Урыстәыла Киеви Чернигови рокругқәа рхырхарҭала арратә операциа амасштаб радикалла армауеит.