Урыстәыла Баренц имшын аиқәшаҳаҭра алҵит, ари аиқәшаҳаҭрала Финлиандиеи, Норвегиеи, Швециеи рҟны евроарктикатә регион аҟны аусеицура иазԥхьагәаҭан
Урыстәыла Баренц имшын аиқәшаҳаҭра алҵит. Аминистрцәа ркабинет аԥнахит 2007 ышқәсазы ибжьаҵаз аиқәшаҳаҭра, уи ала Финлиандиеи, Норвегиеи, Швециеи рҟны евроарктикатә регион аҟны аусеицура иазԥхьагәаҭан, – аанацҳаит “Доиче велле”.
Апартниорра аанкыларазы ахара Москва апартниорцәа рықәнаҵоит.
Акьыԥхь аинформациала, иара убас Москва 2008 шықәсазы Баренц/евроарктикатә регион аҟны аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан ацхыраара, ақәҿыҭра, ардырра иазкыз аиқәшаҳаҭрагьы алҵуеит. Ари аиқәшаҳаҭра иалоуп Даниа, Исландиа, Норвегиа,Финлиандиа, Швециа.