Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Донецктәи аобласть аҿы ақалақь Часов Иар агара иазкны аинформациа аланарҵәеит
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Украина Донецктәи аобласть аҿы ақалақь Часов Иар агара иазкны аинформациа аланарҵәеит.
Аинформациа ишану ала, Часов Иар ақалақьаҿ имҩаҧгаз ажәылараан урыстәылатәи арбџьармчқәа арратә операциа ҷыда амҩаҧгара аҭоурыхаҿ зегьы реиҳа идуу украинатә арратә хәҭа иқәырхит.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, ари ақалақьаҿ ақәҧара шықәсык инагӡон.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла, аурыс десантникцәа 20 километр рыла ҧхьаҟа ицеит. Донецктәи ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа рҳәамҭала, Часов Иар ақалақьаҿ зқьҩыла украинатәи аруаа ҭахеит.