Урыстәыла Аштаб хадаҿы ишаарыцҳаз ала, «Украинаҿ аоаперациа ҷыда» актәи аетап аҳасабтәқәа нагӡоуп
Урыстәыла Аштаб хадаҿы ишаарыцҳаз ала, «Украинаҿ аоаперациа ҷыда» актәи аетап аҳасабтәқәа нагӡоуп

Урыстәыла Аштаб хадаҿы ишаарыцҳаз ала, Украина имҩаҧысуа аибашьраҿы иҭахеит  1351ҩык урыстәылатәи аруаа,  3825ҩык ахәрақәа роуит.

Урыстәыла Аштаб хада анапхгаҩы ихаҭыҧуаҩ Сергеи Рудски иҳәамҭала,   «аоперациа ҷыда» актәи аетап аҳасабтәқәа нагӡоуп.

Иара иажәақәа рыла,  аҳәынҭқарра иҭахази ахәрақәа заузи аруаа рҭаацәарақәа ирыцхраауеит.