Урыстәыла,  Амшынеиқәатәи афлот аҕбақәа Ҟрымынтә импыҵахалоу Очамчыраҟа риагара рыӡбеит
Урыстәыла,  Амшынеиқәатәи афлот аҕбақәа Ҟрымынтә импыҵахалоу Очамчыраҟа риагара рыӡбеит

«Урыстәыла,  Амшынеиқәатәи афлот аҕбақәа Ҟрымынтә импыҵахалоу Очамчыраҟа риагара рыӡбеит», —  иҳәеит Украина Атәылахьчара аминистрра Аҧшыхәратә усбарҭа хада аспикер  Вадим Скибицки.

Иара иажәақәа рыла, ампыҵахалаҩцәа рыҕбақәа Новороссиискҟа ииаргеит, аха, уаҟа абаҕәаза хәыҷуп, Урыстәыла Амшынеиқәатәи афлот аҕбақәа зегьы уа иакӡом. Убри аҟынтә, Кремль Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьыл рхы иадырхәарц рыӡбеит.

Иара убас, Скибицки ишазгәеиҭаз ала, аурысцәа Очамчыратәи абаҕәаза аинфраструктура аиҕьтәразы активла аус руеит.