Урыстәыла Алексеи Арестович иганхьала ашьаусԥшаара хацнаркит
Урыстәыла Алексеи Арестович иганхьала ашьаусԥшаара хацнаркит

Урыстәыла Украина ахада иаппарат ԥасатәи абжьагаҩ Алексеи Арестович иԥшааразы аус хацнаркит. Ари атәы аанацҳаит урыстәылатәи агентра “Тасс” Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аҟынтә адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.

“Алексеи Арестович иганхьала ашьаусԥшаара хацыркуп“, – иазгәаҭоуп адыррақәа рбазаҿ.

Ари иконкрету амзыз идырым, аха Урыстәылатәи Афедерациаҿ Арестович атерористцәеи аейстремистцәеи рсиа данырҵеит.