Урыстәыла ала Херсонтәи атәылаҿацә абомбақәа алажьраан аӡәы дҭахеит, ҩыџьа ахәрақәа роуит
Урыстәыла ала Херсонтәи атәылаҿацә абомбақәа алажьраан аӡәы дҭахеит, ҩыџьа ахәрақәа роуит

Урыстәыла ала Херсонтәи атәылаҿацә абомбақәа алажьраан аӡәы дҭахеит, ҩыџьа ахәрақәа роуит. Украинатәи амедиа ари аинформациа аланарҵәеит Херсонтәи атәылаҿацә администрациа анапхгаҩы Иарослав Ианушевич идырра шьаҭас иҟаҵаны.

Ианушевич иҳәамҭала, аҵыхәтәантәи 24 сааҭ рыла Урыстәыла  54-нтә Херсонтәи атәылаҿацә ахырхарҭала амца аанартит.

Ампыҵахалаҩцәа Херсони, Чернобаевкеи, Антоновкеи, егьырҭ анхарҭатә пунктқәеи абомбақәа рыларыжьит.