Урыстәыла аинофрмациа ала,уахынла Москвеи арегионқәеи рҿы украинатәи дронқәа рацәаны карыжьит
Урыстәыла аинофрмациа ала,уахынла Москвеи арегионқәеи рҿы украинатәи дронқәа рацәаны карыжьит

Урыстәыла аинофрмациа ала,уахынла Москвеи арегионқәеи рҿы украинатәи дронқәа рацәаны карыжьит, урҭ рҟынтә 14 дрон Москва ахырхарҭала ԥыруан.

Москватәи аобласт агубпернатор Андреи Воробев иҟаиҵаз аҳәамҭала, асааҭ 05:23 рзы Урыстәыла аҳауахьчаратә система 14 дрон канажьит Подольсктәи, Раменсктәи, Лиуберецтәи, Домодедовотәи, Коломнатәи ақалақьтә областқәа рҿы. Раменск аҿы аԥырҩы дызҭам аппарак аҩнеихагылар ду ақәҳаит, дҭахеит 46 шықәса зхыҵуа аԥҳәыс.

Ажәылара амзызла Домодедовотәи аҳаирбаӷәазаҿ 45 реис аԥыхуп.