Урыстәыла адәныҟатәи усҳәарҭаҿ шьақәдырӷәӷәеит, Анталиа Сергеи Лаврови Дмитри кулебеи шеиԥыло
Урыстәыла адәныҟатәи усҳәарҭаҿ шьақәдырӷәӷәеит, Анталиа Сергеи Лаврови Дмитри кулебеи шеиԥыло

Урыстәыла адәныҟатәи усҳәарҭаҿ шьақәдырӷәӷәеит, Анталиа Сергеи Лаврови Дмитри кулебеи шеиԥыло. Ари атәы аалыцҳаит Урыстёыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак Мариа Захарова.

Аусҳәарҭа апресспикер лажәақәа рыла, Сергеи Лавров Ҭырқәтәыла, Анталиа ақалақь аҿы имҩаԥысуа жәларбжьаратәи адипломатиатә форум ашҟа ддәықәлоит, уа уи Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҟны аконтакт имазауеит. Аиԥылара хәажәкыра 10 рзы мҩаԥгахароуп.

Урыстәылеи Украинеи рыдәныҟатәи усқәа рминистрцәа реиԥылара аԥшьгарала Ҭырқәтәыла иқәгылеит.