Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра - НАТО ахатә «акаҭа» ашҟа Қырҭтәылеи, Босниеи Герцеговинеи, Молдовеи ралагалара нанагӡоит
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Вильниус имҩаҧгаз НАТО асаммит иахцәажәеит. Аҳәамҭа ишану ала, Алианс ахатә «акаҭа» ашҟа Қырҭтәылеи, Босниеи Герцеговинеи, Молдовеи ралагалара нанагӡоит.
«НАТО аеқспансиа Евроатлантикаҿ иаангылом. Изакәызаалак ауаажәларратә дискуссиа ма ареферендум мҩаҧымгакәа, Финлиандиа ргеит, уажәы Швециа аҟынӡагьы инеит. Дара ҧасатәи асоветтә қәыҧшылара иалалар рҭахуп. Ааигәатә Мрагылареи Африкеи астратегиатә интересқәа рзонас аарыцҳаит, уаҟа Вашингтони уи адгылаҩцәеи рхатә ҵасқәа шьақәдыргылар рҭахуп. Вильниус имҩаҧгаз асаммитаҿ ирҳәеит Китаии Урыстәылеи рыбжьара иҕәҕәахаз аизыҟазаашьақәа «алианс апринципқәеи аинтересқәеи ирҧырхагоуп» ҳәа. Аҳәынҭқаррақәа реиҳара уи иаргәамҵуеит. Алианс аполитикеи, ауранагӡареи, арратә аргылареи – иҧсабаратәым аиҟәшаратә цәаҳәақәа ахьыҟамло ииашоу адунеитә аиҿкаашьа ҿыц аҧҵара аҳасабтәқәа ирҿагылоит», — иануп Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.