Иенс Столтенберг – Ҳара Алианс арҕәҕәаразы аӡбарақәа рацәа ҳадаҳкылоит, Украина адгылара ҳарҕәҕәоит, ахыхьчара аусхкы иаҳа ирацәаны аҧара алаҵаразы ҳаиқәшаҳаҭхоит
Иенс Столтенберг – Ҳара Алианс арҕәҕәаразы аӡбарақәа рацәа ҳадаҳкылоит, Украина адгылара ҳарҕәҕәоит, ахыхьчара аусхкы иаҳа ирацәаны аҧара алаҵаразы ҳаиқәшаҳаҭхоит

«Иахьа ҳара Алианс арҕәҕәаразы аӡбарақәа рацәа ҳадаҳкылоит,  апрактикатәи аполитикатәи ганахьала Украина адгылара ҳарҕәҕәоит», — иҳәеит  НАТО амаӡаныҟәгаҩ хада Иенс Столтенберг  Аҩадаатлантикатәи хеилак аилатәара аартраан.

Иара иажәақәа рыла, ари ацхыраара абзоурала, Украина НАТО иаҳа иазааигәахоит.

«Иара убас, ҳара акрызҵазкәа ашьаҿақәа ҟаҵоит аанкылареи ахыхьчареи апотенциал арҕәҕәаразы, аҩадаатлантикатә регион ахьчаразы аплан ҿыц еиқәҳаршәоит. Ҳара  ахыхьчара аусхкы иаҳа ирацәаны аҧара алаҵаразы ҳаиқәшаҳаҭхоит», — иҳәеит Иенс Столтенберг.