Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ишаанацҳаз ала, иаауа амчыбжь азы ЕАШ-и Урыстәылеи рхаҭарнакцәа иашьҭанеиуа аиԥылара мҩаԥыргар ҟалап
Иаауа амчыбжь азы ЕАШ-и Урыстәылеи рхаҭарнакцәа иашьҭанеиуа аиԥылара мҩаԥыргар ҟалап. Ари атәы ааицҳаит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Сергеи Риабков.
Адипломат иажәақәа рыла, аиԥылара ахԥатәи атәылаҿ мҩаԥгахоит, уажәы иконкрету аҭыԥ аԥшаара иаҿуп. Рабков ишааицҳаз ала, америкатә аган аиԥылара амҩаԥгара иақәшаҳаҭхеит.