"Уол сҭриҭ џьорнал" - Џьамтәылатәи ақалақь Испаҳан иҟоу арратә аобиект аганахьала ажәылара Израиль мҩаԥнагеит
"Уол сҭриҭ џьорнал" - Џьамтәылатәи ақалақь Испаҳан иҟоу арратә аобиект аганахьала ажәылара Израиль мҩаԥнагеит

Џьамтәылатәи ақалақь Испаҳан иҟоу арратә аобиект аганахьала ажәылара Израиль имҩаԥнагеит , – ари атәы аанацҳаит “Уол сҭриҭ џьорнал”.

Акьыԥхь аинформациа ала, Израиль Џьамтәыла Атәылахьчара аминистрра иаҵанакуа акомплекс абомбақәа ақәнажьит.

“Уол сҭриҭ џьорнал” аҿы ишану ала, Израили ЕАШ-и рофициалтә хаҿқәа Џьамтәыла аоперациақәа рыҿагылара амҩа ҿыцқәа рыхцәажәон.

Џьамтәылатәи иахқәа ишаарыцҳаз, Испаҳан аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа аԥырҩы дызмам аппарат хәыҷқәа рыла иажәылеит.

Ажәылараан аԥхасҭа аиуиит аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа, аԥсыҭбарақәа ирызку адыррақәа иҟам. Ателеканал “Аль-Џьазира” аинформациа ала, Испаҳан ажәылара рхы аладырхәит америкатәи аҳаирпланқәагьы, урҭ хықәкыс ирыман абаллистикатә ракетақәа рышьҭаҵарҭа пԥџәара,