Украинатәи арбџьармчқәа рҧыза ишааицҳаз ала,  Атәылахьчаратә мчқәа Харьковтәии Изиумтәии ахырхарҭақәа рҿы аконтраахара иалагеит
Украинатәи арбџьармчқәа рҧыза ишааицҳаз ала,  Атәылахьчаратә мчқәа Харьковтәии Изиумтәии ахырхарҭақәа рҿы аконтраахара иалагеит

Украинатәи арбџьармчқәа рҧыза хада Валери Залужни ишааицҳаз ала,  Атәылахьчаратә мчқәа Харьковтәии Изиумтәии ахырхарҭақәа рҿы аконтраахара иалагеит   

Залужни  Telegram-канал аҿы ишиҩыз ала, иара ари атәы ааицҳаит Америка аштабқәа рнапхгаҩцәа ркомитет ахантәаҩы, аинрал  Марк  Милли даниацәажәоз.

Залужни иажәақәа рыла, иара, ишаҧу ала, америкатә коллега аоперативтә ҭагылазаашьа иазкны аинформациа ииҭеит.

Лымкаала, аурыс арбџьармчқәа Лугансктәи ахырхарҭаҿы ақәҧара нарыгӡоит. Украина Атәылахьчаратә мчқәа Харьковтәии Изиумтәии ахырхарҭақәа рҿы аконтраахара иалагеит.