Асенатор Мич Макконнел – Қырҭтәыла анапхгара ахьыҧшызаара мап ацәкны, атәыла ахьыҧшымра аиқәыршәаразы  „аурыс закәан“ апарламент аҟынтә идырхынҳәып ҳәа сгәыҕуеит
Асенатор Мич Макконнел – Қырҭтәыла анапхгара ахьыҧшызаара мап ацәкны, атәыла ахьыҧшымра аиқәыршәаразы  „аурыс закәан“ апарламент аҟынтә идырхынҳәып ҳәа сгәыҕуеит

Америкатә Сенатаҿ ареспубликанцәа рлидер  Мич  Макконнел Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроцессқәа дрыхцәажәеит.  Сенатаҿ данықәгылоз Макконнел ишиҳәаз ала,  апарламенттә аиҳара  рымчра рыхьчар рхаҭуп, убри ала атәылауаҩратә уаажәларра аусуреи адемократиа аҿиареи иаҧырхагоуп.

Иара иажәақәа рыла, „Ақырҭуа гәахәтәы“ анапхгараҿы иаанхар, ақырҭуа жәлар ревроатлантикатә хықәкқәа зынагӡахом.

„Қырҭтәыла аполитикатә оппозициа дууп, аха, дара еснагь еиҟәшоуп, рызынтәгьы рхатә партиатә интересқәа ирызхәыцуеит. Апартиақәа рлидерцәа иҧсыҽқәоуп, аха, уезгьы зқьҩыла ақырҭуаа адәахьы идәылҵны апротест ҟарҵеит. Ақырҭуаа реиҳара европатәи аҧеиҧш рымазар рҭахуп.  Америказы аҵакы ду амоуп Қырҭтәыла хырхарҭас иалнахуа, мрагылара акәу, мраҭашәара акәу. Ҳара акгьы иацәымшәакәа атиранцәа дуқәа – Путини Си Ӡинпини ирҿагылаз ауаа ҳрыцхраароуп, уи ҳинтересқәагьы ирыҵанакуеит“, – иҳәеит Макконнел.

Иара иажәақәа рыла,  Қырҭтәыла,  аҵакы ду амоуп акритикатә ҵакы змоу аресурсқәа рымҩангаразы.

„Агеографиа аҵакы ду амоуп. Ашәышықәсақәа рацәа рыҩныҵҟа Қырҭтәылеи Амшын еиқәа аҟәареи ацивилизациатә дунеи амҩеихысырҭаҿы ишьҭан.   Қырҭтәыла,  аҵакы ду амоуп акритикатә ҵакы змоу аресурсқәа рымҩангаразы, ари атәыла авторитартә партниорцәеи Москвеи Тегерани рыбжьара аимадара еиқәзыршәо адгьылтә ацҳа еиҧшуп.  Ақырҭуа жәлар рҭоурыхи ркультуреи дууп, дара мрагылареи мраҭашәареи рыбжьара аиҧшымрас иҟоу рдыруеит. Убри аҟынтә,  мраҭашәараҿ иҟоу Қырҭтәыла аҩызцәа рахь ааҧхьара ҟасҵоит. Дара хәыҷык рҳәатәы еиқәымшәозаргьы,   Урыстәыла аҽалагалара аҿагыларазы рҽеидыркылароуп. Иара убас,   Қырҭтәыла анапхгара рахьгьы ааҧхьара ҟасҵоит.  Дара ахьыҧшызаара мап ацәкны, атәыла ахьыҧшымра аиқәыршәаразы  „аурыс закәан“ апарламент аҟынтә идырхынҳәып ҳәа сгәыҕуеит“, – иҳәеит Макконнел.