Украинатәи арбџьармчқәа имҩаҧырго аконтржәылара аҭагылазаашьаҿы, Херсон ампыҵахалатә режим анапхгаҩы аҭыҧантәи ауааҧсыра аевакуациа рыбжьеигеит
Украинатәи арбџьармчқәа имҩаҧырго аконтржәылара аҭагылазаашьаҿы, Херсон ампыҵахалатә режим анапхгаҩы аҭыҧантәи ауааҧсыра аевакуациа рыбжьеигеит

Украинатәи арбџьармчқәа имҩаҧырго аконтржәылара аҭагылазаашьаҿы, Херсон ампыҵахалатә режим анапхгаҩы Владимир Сальдо аҭыҧантәи ауааҧсыра Урыстәыла арегионқәа рахь аевакуациа рыбжьеигеит.

Асепаратистцәа рлидер Урыстәыла анапхгара дрыҳәеит ауаа ревакуациаҿы ирыцхраарц.

Урыстәыла аиҳабыра ари аҳәара иақәҿырҭхьеит. Урыстәыла авице-аҧыза-министр  Марат Хуснуллин ишиҳәаз ала, аевакуациаан ауаа хәыда-ҧсада анхарҭақәа рырҭоит.