Украинатәи ақалақь Ирпень америкатә журналист дыршьит

Киев ааигәара иҟоу украинатәи ақалақь Ирпень америкатә журналист  Брент Рено дыршьит. ВВС ари аинформациа аланарҵәеит Украина азинхьчаратә органқәа рдырра шьаҭас иҟаҵаны.

Киев аполициа анапхгаҩы Андреи Небытов иҳәамҭала, америкатә журналист аурыс аруаа ишьҭан. Ахәрақәа зауз даҽа ҩыџьа ажурналистцәа  ахәышәтәырҭашҟа ииаргеит.

 

Уи аибашьраан  Украина аус зуа атәым журналист иҭахара иазку раҧхьатәи дырроуп.