Украинатәи аҧшыхәара  - Путин Украиназы  "кореиатәи" асценари дахәаҧшуеит
Украинатәи аҧшыхәара  - Путин Украиназы  "кореиатәи" асценари дахәаҧшуеит

Украинати аҧшыхәара  адыррақәа рыла,  Путин Украиназы  “кореиатәи” асценари дахәаҧшуеит.

Ари атәы ааицҳаит Украина Аҧшыхәаратә усбарҭа хада аинрал Кирилл Буданов.

Иара иажәақәа рыла, Путин Украина импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа квазиҳәынҭқаррас еидиҵар ауеит.

«Киев ааигәара ақәҿиамреи Украина анапхгара хада рықәхра иазкыз ихықәкы анамгӡареи анеҩс, Путин аоперативтә хырхарҭақәа иҧсахуеит  —  уи аладеи мрагылареи ауп.  Иара Украиназы  «кореиатәи» асценари дахәаҧшуеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. Иара импыҵахалоуи импыҵахалами ҳҵакырадгьылқәа рыбжьара ацәаҳәа ашьақәыргылара иҽазикыр ауеит. Ҽакала иаҳҳәозар, Украина аҩныҵҟа Аҩадатәи Кореиеи Аладатәи Кореиеи аҧиҵар иҭахуп. Избанзар, ишеибгоу аҳәынҭқарра игаратәы амч имам», — иҳәеит  Буданов.