Украинатәи амедиа  - Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчра  Херсон илахысит,   аӡәы дҭахеит
Украинатәи амедиа  - Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчра Херсон илахысит,   аӡәы дҭахеит

Урыстәылатәи ампыҵахалатә мчра рыла Херсон алахысраан аӡә дҭахеит.  Украинатәи амедиа адыррала, аурыс аруаа, артиллериала  Херсон анхарҭатә квартал иалахысит. Ахыршә 5 еихагылак змоу акорпус иақәшәан, аӡә дҭахеит.

Иаха Урыстәыла ампыҵахалатә мчқәа Украина жә-регионк ирылахысит. Украинатәи амедиа адыррала,  аурыс ажәылара амшала ауаа ҭахеит Днепропетровски Донецки арегионқәа рҿгьы.  Аурыс арбџьармчқәа анхарҭатә ҩнқәеи, амашьынақәеи, агазмҩангагеи, ахәаахәҭратә центрқәеи иреихсуан.