Украинатәи амедиа адыррала, аурыс ампыҵахалаҩцәа Запорожие атәылаҿацәаҿ ЕАР амиссиа ирықәлеит
Украинатәи амедиа адыррала, аурыс ампыҵахалаҩцәа Запорожие атәылаҿацәаҿ ЕАР амиссиа ирықәлеит

Аурыс ампыҵахалаҩцәа Запорожие атәылаҿацәаҿ ЕАР амиссиа ирықәлеит, – ари атәы ааицҳаит Запорожие атәылаҿацә арратә администрациа анапхгаҩы Алеқсандр Старух.

„Ахысра аанкыларазы ажәа шьҭазҵаз агрессортә тәыла Орихив ақалақь ашҟа агуманитартә цхыраара назгаз ЕАР агуманитартә миссиа ирықәлеит“, – иҳәеит Алеқсандр Старух.

Украинатәи амедиа адыррала,  Урыстәыла ахада Владимир Путин атәылахьчара аминистр Сергеи Шаигу Қьырса аныҳәаан амца аанкыларазы адҵа шииҭазгьы, ажьырныҳәа  7 ахәылҧаз, урыстәылатәи арбџьармчқәа   Запорожие ақалақь аракетақәа аларыжьит.