Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, Урыстәыла Закарпатиетәи аокруг аҿы аракетатә жәылара мҩаԥнагеит
Урыстәыла Закарпатиетәи аокруг аҿы аракетатә жәылара мҩаԥнагеит, – ари атәы аарыцҳаит Украинатәи аихқәа аокруг анапхгаҩы иҟынтә ироуз адырра ҵаҵӷәыс аҭаны.
“Аобиектқәа аракетатә снариадқәа ирылаҳаит. Аҭыԥ аҿы аус руеит амақзура ҷыдақәа. Иҭахази ахәрақәа заузи рыӡбахә макьана ҳаздырӡом, – иҩит Виктор Никита асоциалтә каҭаҿы.
Аокруг анапхгаҩы ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟаиҵоит аракетатә жәылара зныԥшуа афото-видео нҵамҭақәа аладмырҵәарц.
Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз ала, Закарпатиетәи аокруг аҿы аракетатә жәылара атәылаҿ аибашьра иалагеижьҭеи раԥхьаӡа мҩаԥган.