АИХ адыррақәа рыла, Урыстәыла, Амшынеиқәатәи афлот аҟынтәи Украина ахырхарҭала аракетатә жәылара мҩаҧнагеит  
АИХ адыррақәа рыла, Урыстәыла, Амшынеиқәатәи афлот аҟынтәи Украина ахырхарҭала аракетатә жәылара мҩаҧнагеит  

Урыстәыла, Амшынеиқәатәи афлот аҟынтәи Украина ахырхарҭала аракетатә жәылара мҩаҧнагеит. Ари атәы аарыцҳаит украинатәи АИХ.

АИХ адыррақәа рыла,  атәыла зехьынџьара аҧжәара абжьы гоит.

Аҧжәарақәа ҟалеит  Запорожтәи, Донецктәи, Полтаватәи, Харьковтәи, Одессатәи,  Николаевтәи атәылаҿацәқәа рҿы.

«Укренерго» адыррала,  афымцатә инфраструктуреи аӡылеиқәыршәаратә системеи  ироуз аҧхасҭа амшала, Одесса афымцеи аӡрыжәти иҟам.  Николаевгьы афымцада иаанхеит.  Киев ауааҧсыра  аметроаҿ рҽырҵәахуеит.