Урыстәыла Киев аганахьала амасатә ракетатә жәылара мҩаԥнагеит
Урыстәыла Киев аганахьала амасатә ракетатә жәылара мҩаԥнагеит

Урыстәыла Киев аганахьала амасатә ракетатә жәылара мҩаԥнагеит.

Украина аҳҭнықалақь ахада Витали Кличко иҟаиҵаз аҳәамҭала, аԥжәара абжьы Киев храионк рҿы гон.

Кличко ишааицҳаз, хыбрақәак еилаҳаит, дҭахеит аӡәы. Аларҵәара зауз адырақәа рыла, абомбақәа ақәрыжьит Хмельницк ақалақь.

Украина ахада иофис анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Кирилл Тиможенко ишааицҳаз, ҩыџьа ахәрақәа роуит. Уаанӡа аҳауатә ӡыҩбжьы гон Украина аҵакырадгьыл зегь аҿы.