Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла Киеви Украина арегионқәеи рагнахьала аракетатә жәылара мҩаԥнагеит
Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла Киеви Украина арегионқәеи рагнахьала аракетатә жәылара мҩаԥнагеит

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, иҳаҩсыз уахи-ҽни рыла Урыстәыла Киеви Украина арегионқәеи рагнахьала аракетатә жәылара мҩаԥнагеит.

Украина арбџьармчқәа рыштаб хада аҟынтә ишаарыцҳаз, аԥырҩы дызмам “шаҳит” атип змоу 30 аппаратқәа рҟынтә 28 ҭадырхеит.

Аштаб хада аинформациа ала, Сумтәи арегион ажәылараан аӡәы дҭахеит, хҩык ахәрақәа роуит, урҭ дреиуп ахәыҷы, еилаҳаит аҩнеихагыла дуқәа.

Аихқәа рдыррақәа рыла, амассатә аракетатә жәылара мҩаԥган Запорожие ахырхарҭалагьы. Запорожие арегионтә арратә администрациа ахантәаҩы Иури Малашко ишааицҳаз, Урыстәыла хықәкыс аман аимадаратә центрқәеи, ақыҭанхамҩатә маругақәеи, аԥсшьарҭа тҭыԥқәеи рԥхасҭатәра. Украина Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Анна Малиар лажәақәа рыла, иҳацәцаз амчабжь азы Украина ар Запорожие ахырхарҭала бжь км-рҟынӡа аԥхьагылара аман. Малиар ишаалыцҳаз, рхы иақәиҭуп Донецктәи Запорожиетәи аааиланхарҭак.