Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, аурыс аруаа Одесса аганахьала амассатә жәылара мҩаԥыргеит
Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, аурыс аруаа Одесса аганахьала амассатә жәылара мҩаԥыргеит

Украинаҿ ақәԥарақәа нагӡоит. Аибашьра иалагеижьҭеи 511 мш ҵит, аурыс аруаа Одесса аганахьала еиуеиԥшым аракетақәеи аҳаирпланқәеи рыла амассатә жәылара мҩаԥыргеит.

Украинатәи аихқәа ишаарыцҳаз, аҭыԥантәи аиҳабыра ауааԥсыра ирабжьаргоит ахыҵәахырҭақәа рахь ииасырц.

Аихқәа рдыррақәа рыла, аԥырҩы дызмам аппаратқәа рыла, ажәылара мҩаԥган Киев аганахьала. Украина аҳауахьчаратә система иабзоураны дронқәа зегьы ҭадырхеит.

Аԥсыҭбарақәа ирызку адыррақәа иҟам.