Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, Херсон Урыстәыла иаҿагылаз апротесттә акциа аан аурыс аруаа ахысра иалагеит, ахәрақәа зауз иҟоуп
Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, Херсон Урыстәыла иаҿагылаз апротесттә акциа аан аурыс аруаа ахысра иалагеит, ахәрақәа зауз иҟоуп

Херсон, Ахақәиҭра ашҭаҿ, Урыстәла иаҿагылоу апротесттә акциа анымҩаҧысуаз, аурыс аруаа ахысра иалагеит.   Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, ахәрақәа зауз иҟоуп.

Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, урыстәылатәи аруаа абжьытә гранатақәа рхы иадырхәит, анеҩс, аҳаирашҟа ахысра иалагеит. Акциа алахәылацәа рыгәҭа ахәрақәа зауз иҟоуп.

Херсон есымша урыстәылатәи агрессиа иаҿагылоу апротесттә акциақәа мҩаҧысуеит. Адемонстрациақәа ирылахәып шәҩыла ауааҧсыра.