Украинаҟны аибарххара афонаҿ, Урыстәыла Амшын еиқәа ашҟа арратә аҕбақәа дәықәнаҵеит
Украинаҟны аибарххара афонаҿ, Урыстәыла Амшын еиқәа ашҟа арратә аҕбақәа дәықәнаҵеит

 

Украинаҟны аибарххара афонаҿ, Урыстәыла Амшын еиқәа ашҟа 15 арратә аҕбақәа дәықәнаҵеит. Ари аинформациа аланарҵәеит  Deutsche Welle.

Мшаҧы  17 рзы, Урыстәыла, Каспиатәи афлот 15 аҕбақәа

Каспиатәи амшын аҟынтә Амшын еиқәа иҭалеит.

Уи адагьы, агентра  «Интерфакс» ишанацҳаз ала, Урыстәыла арратә амшынтә мчқәа ирыҵанакәа аҕба дуқәагьы   — «Калинингради» и «Королеви» , Босфор иалсны, мшаҧы 17 рзы Амшын еиқәа иҭалеит.

Украина Урыстәыла ахаранаҵоит аҳәаа инаваршәны арратә мчқәа реизырҳара, Москва ишырҳәаз ала, ари апроцесс аплан иарбоу арратә азыҟаҵарақәа ирыҵанакуеит.

Мраҭашәаратә ҳәынҭқаррақәа Урыстәылахь ааҧхьара ҟарҵеит украинатәи аҳәаа аҟынтә арбџьармчқәа иқәыргарц.