Украина Урыстәыла ахырхарҭала 35 адронқәа дәықәнаҵеит, убри амшала, анефҭ аус адуларатә зауад амца ацралеит
Украина Урыстәыла ахырхарҭала 35 адронқәа дәықәнаҵеит, убри амшала, анефҭ аус адуларатә зауад амца ацралеит

Украина Урыстәыла ахырхарҭала 35 адронқәа дәықәнаҵеит, убри амшала, анефҭ аус адуларатә зауад амца ацралеит.  Ари аинформациа аланарҵәеит агентра  Reuters.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра адыррақәа рыла,  27 адронқәа карыжьит. Урҭ рҟынтә 17 Краснодартәи атәылаҿацәаҿ, 4  —  Москватәи  атәылаҿацәаҿ,  фба  — егьырҭ арегионқәа рҿы.

Урыстәылатәи адыррақәа рыла, Краснодартәи анефҭ аус адауларатә зауадаҿ абылра дырцәахьеит, заанаҵтәи аинформациала ауаа акгьы рмыхьит, аӡәы дыҧсит агәыхь амшала.

«Реитер» адыррала, зыӡбахәы ҳәоу ажәылара  – Урыстәыла аҵакырадгьылаҿ Украина имҩаҧнагаз идуӡӡоу авациатә операциақәа иреиуп.