Украина азарал зауз ауааҧсыра рыцхрааразы Қырҭтәыла аиҳабыра ррезервтә фонд аҟынтә миллион лари алырхуеит
Украина азарал зауз ауааҧсыра рыцхрааразы Қырҭтәыла аиҳабыра ррезервтә фонд аҟынтә миллион лари алырхуеит

Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркылаз ақәҵара ала,  Украина азарал зауз ауааҧсыра рыцхрааразы Қырҭтәыла аиҳабыра ррезервтә фонд аҟынтә миллион лари алырхуеит.

Ақәҵара инапы аҵаиҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили.

Зыӡбахәы ҳәоу аҧарала афармацевтә аалыҵи амедицинатә зкызаара змоу амаҭәарқәеи аархәоит.