Украина ахада апланқәа ирыламыз визитла Финлиандиа даҭааит
Украина ахада апланқәа ирыламыз визитла Финлиандиа даҭааит

Украина ахада Володимир Зеленски апланқәа ирыламыз визитла Финлиандиа даҭааит. Ари атәы аарыцҳаит украинатәи аихқәа.

Зеленски Хельсинки Финлиандиа ахада, Саули Ниинисто диԥылеит, аиԥылара ашьҭахь атәылақәа рлидерцәа апрессконференциа еицымҩаԥыргоит. Финлиандиа ахада иофис аҟынтә ишаарыцҳаз, аиԥылараҿ Зеленскии Ниинистои урыстәылатәи агрессиа аҿагыларазы Украина адгылара азҵаареи, ҩганкалатәи аизыҟазаашьақәеи, ишьақәгылаз агеополитикатә зҵаарақәеи ирыхәаԥшит. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь ахадацәа рхы аладырхәоит Украина-Скандинавиатәи асаммит, асаамит иалахәуп Швециеи, Норвегиеи, Даниеи, Исландиеи рԥыза-министрцәа.