Украина Атәылахьчара аминистрраҿы ишаарыцҳаз ала, атәыла, Азовтәи амшын ашҟа анеирҭа аамҭала ацәыӡит
Украина Атәылахьчара аминистрраҿы ишаарыцҳаз ала, урыстәылатәи арбџьармчқәа Мариуполь ақалақь иакәшаны ианҭарк ашьҭахь, атәыла, Азовтәи амшын ашҟа анеирҭа аамҭала ацәыӡит.
Reuters адыррақәа рыла, абаҕәазатә ақалақь аҿы ахыбрақәа 80% хыбгалоуп, ақалақьтә театр аахара амшала, ахаҳәрҟәарақәа рыҵаҟа иаанханы иҟазар ҟалап зқьҩык раҟара ауааҧсыра.
Импыҵахалоу Ҟрыми Донецктәи атәылаҿацәи ирыҧну ақалақь Мариуполь, жәабран 24 иалагаз аибашьраҿы раҧхьатәи ахықәкқәа иреиуп.