Украина атәылахьчара аминистр иҳәамҭала, Аштаб хада иакымкәа ахырхарҭақәа рыла аконтржәылара  мҩаҧгараны иҟоуп
Украина атәылахьчара аминистр иҳәамҭала, Аштаб хада иакымкәа ахырхарҭақәа рыла аконтржәылара  мҩаҧгараны иҟоуп

Украина атәылахьчара аминистр Алеқсеи Резников иҳәамҭала, Аштаб хада иакымкәа ахырхарҭақәа рыла аконтржәылара  мҩаҧгараны иҟоуп. Иара иажәақәа рыла, уи амш зеиҧшрахо иахьыҧшуп, дара иманшәалоу аамҭа иазыҧшуп.

Аминистр игәаанагарала, аконтржәылара иалагар ҟалап мшаҧы – лаҵарамзазы. Резников ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Естониа Ауаажәларратә дырраҭара аинтервиу анеиҭоз.

Ажурналист Резников диазҵааит афронтаҿ анемец танкқәа  «Леопард» ианбарбо ҳәа.

«Шәара арҭ атанкқәа рыла аконтржәылара жәбоит. Ҳштаб хада аӡбарала, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аконтржәылара мҩаҧаагараны ҳаҟоуп.  Иманшәалоу аамҭа ҳазыҧшуп, амш зеиҧшрахогьы аҵакы ду амоуп. Ааҧынраз ҳадгьыл даараӡа ицәаакуп, ахеихаҧсатә машьынақәа мацара рхархәара ҟалоит. Урҭ мшаҧы – лаҵарамзазы ижәбоит ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит  Резников.

Аминистр иҳәамҭала,  2023 шықәсазы адунеи зехьынџьара ирбоит Украиназы иҵоуроу аиҭакрақәа.

«Агәра ганы сыҟоуп аамҭала импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа рхақәиҭтәра шынаҳагӡо.  Киеви, Чернигови, Сумахи, Харькови, Херсони ҳархынҳәхьеит.  Абри зегьы нагӡахоит», — иҳәеит  Резников.