Украина апрокуратура хада – Урыстәылатәи агрессиа амшала атәылаҿы иҭахеит 347ҩык ахәыҷқәа,  648ҩык ахәрақәа роуит
Украина апрокуратура хада – Урыстәылатәи агрессиа амшала атәылаҿы иҭахеит 347ҩык ахәыҷқәа,  648ҩык ахәрақәа роуит

Урыстәылатәи агрессиа амшала атәылаҿы иҭахеит 347ҩык ахәыҷқәа,  648ҩык ахәрақәа роуит. Ари аинформациа аланарҵәеит Украина апрокуратура хада.

Апрокуратура адыррала, арҭ ацифрақәа аҵыхәтәантәиқәам, избанзар, аамҭала импыҵахалоу аҵакырадгьылқәеи уажәазы активтә ақәҧарақәа ахьымҩаҧысуа аҭыҧқәеи рҿы иҭахази ахәрақәа заузи ауаа рхыҧхьаӡара ашьақәыргылара иаҿуп.

Агентра адыррақәа рыла,  ахәыҷқәа реиҳара иҭахеит Донецктәии, Харьковтәии, Киевтәии атәылаҿацәқәа рҿы.