Украина анапхгара ринформациа ала, Сумы ақалақьаҿ иҟоу  Ахәыҷтәы ҩны аҟынтәи 71ҩык ахәыҷқәа ревакуациа рылшеит
Украина анапхгара ринформациа ала, Сумы ақалақьаҿ иҟоу  Ахәыҷтәы ҩны аҟынтәи 71ҩык ахәыҷқәа ревакуациа рылшеит

Украина анапхгара ринформациа ала, Сумы ақалақьаҿ иҟоу  Ахәыҷтәы ҩны аҟынтәи 71ҩык ахәыҷқәа ревакуациа рылшеит. ВВС адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи амчыбжьқәа рзы асабицәа абункер аҿы ирҵәахуан.   Урыстәылатәи арбџьармчқәа Сумы аҩада-мрагыларатә ахәҭаҿы игылоуп, мчыбжьқәак рыҩнуҵҟа ақалақь активла абомбақәа аларыжьуеит.

«Раҧхьатәи алшара аныҟалаҵәҟьа, агуманитартә корридорла асабицәа аевакуациа рзаауит.  Арҭ ахәыҷқәа еиуеиҧшым амзызқәа рымшала аҭаацәа рымам, урҭ реиҳара еснагьтәи амедицинатә цхыраара рҭахуп», — иҳәеит Сумтәи атәылаҿацә анапхгаҩы.