Украина аҳауатә мчқәа - Украинатәи амчқәа Курсктәи аобласт аҟны даҽа цҳак ахырхарҭала ажәылара мҩаԥыргеит
Украина аҳауатә мчқәа - Украинатәи амчқәа Курсктәи аобласт аҟны даҽа цҳак ахырхарҭала ажәылара мҩаԥыргеит

Украина аҳауатә мчқәа ишаарыцҳаз ала, украинатәи мчқәа Курсктәи аобласт аҟны даҿа цҳак ахырхарҭала ажәылара мҩаԥыргеит.

“Курск ахырхарҭа – минус даҽа цҳак. Аҳауатә мчқәа имҩаԥнаго аҳауатә аахақәа рыла аӷа илогистикатә алшарақәа рырԥсыҽра нанагӡоит“, –иҩит аҳауатә мчқәа реиҳабы Николаи Олешьук.

Уаанӡа, урыстәылатәии украинатәи Телеграм-каналқәа рҿы аларҵәара зауз адыррақәа рыла,Украина абџьармчқәа аӡис Сеим, Званное ақыҭаҿ иҟоу аҩбатәи ацҳа ықәырхит. Ари ацҳала Курск ахырхарҭала Урыстәыла арратә хәҭақәа риагара иаҿын.