Украина адәныҟатәи аусҳәарҭа ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҭынчра рыхьчарц
Украина Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит аҭынчра рыхьчарц, анапхгара Урыстәыла агресси аҿагыларазы иалшо зегь ҟанаҵоит ҳәа.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра атәылауаа рахь ааԥхьара ҟанаҵеит аҭышәынтәалара иаԥырхаго, апаника аларҵәара иадгыло ахымҩаԥгашьа аҟынтә рҽааныркыларц.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭа аҿы ишану ала, Украина арбџьармчқәа аҭагылазаашьа икылкааны иацклаԥшуеит, Украина асуверенитети атерриториатә акзаареи реилагара аҿагыалара азыхиоуп, украинатәи адипломатцәа апартниорцәа рҟны аимадара ӷәӷәа рыбжьоуп, ҳадгылаҩцәа аинформациа роуеит, иаҭаххар иашьашәалоу ацхыраара ҳарҭоит,” – иануп аҳәамҭа аҿы.