Уаҵәы Қырҭтәыла апарламент абиуро аҿы ицәырыргоит Саакашвили иус аилыргара иазку аамҭалатәи акомиссиа аиҿкаара иазку ажәалагала
Уаҵәы Қырҭтәыла апарламент абиуро аҿы ицәырыргоит Саакашвили иус аилыргара иазку аамҭалатәи акомиссиа аиҿкаара иазку ажәалагала

Уаҵәы Қырҭтәыла апарламент абиуро аҿы ицәырыргоит Саакашвили иус аилыргара иазку аамҭалатәи акомиссиа аиҿкаара иазку ажәалагала.

Ақәҵара апроект дырмазеит афракциа  «Амилаҭт ҵысра» ахаҭарнакцәа. Адокумент ишану ала, акомиссиа хықәкыс амазаауеит Михаил Саакашвили гәымбылџьбарала изныҟәареи иаҳаҭыр аларҟәреи афактқәа раарҧшреи иашьашәалоу ашьаҿақәа рыҟаҵареи.

Апарламенттә комиссиа аиҿкааразы иаҭахуп 50ҩык адепутатцәа рбыжьқәа. «Амилаҭтә ҵысра»  30ҩык адепутатцәа рымоуп, убри аҟынтә, аоппозициатә рколлегацәа рыдгылара рҭахуп. Аоппозициаа рыхәҭак акомиссиа аиҿкаара иақәшаҳаҭым.