Уаҵәы «Амилаҭтә ҵысра» аметростанциақәа  «Дидубеи»  «300ҩык арагвицәеи» рҟны акциақәа мҩаҧыргоит

«Ақырҭуа оппозициаа даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит апровокациақәа рықәныҟәара акәымкәа, абри атәыла арҿиара хықәкыс ишрымоу», — иҳәеит  «Амилаҭтә ҵысра» алидер Ника Мелиа Михаил Саакашвили амлашьра аҟәыҵразы  идикылаз аӡбара данахцәажәоз.

Иара ишиҳәаз ала, уаҵәы аоппозициаа 2 ҭыҧк рҿы, аметростанциақәа  «Дидубеи»  «300ҩык арагвицәеи» рҟны акциақәа мҩаҧыргоит.

«Аиааиранӡа ақәҧара, абри атәыла ахақәиҭтәранӡа ақәҧара, Қырҭтәыла аҧеиҧш бзиа азы ақәҧара», — иҳәеит Ника Мелиа.