ВВС - Судан аҟынтә ЕАШ-и, Британиеи, Франциеи, Китаи дипломатцәеи ртәылауааи ревакуациа мҩаԥгахоит
ВВС - Судан аҟынтә ЕАШ-и, Британиеи, Франциеи, Китаи дипломатцәеи ртәылауааи ревакуациа мҩаԥгахоит

Судан аҟынтә ЕАШ-и, Британиеи, Франциеи, Китаи дипломатцәеи ртәылауааи ревакуациа мҩаԥгахоит. Ари атәы аанацҳаит ВВС судантә ар рҟынтә аинформациа ҵаҵӷәыс аҭаны.

Аланҵәара зауз адыррақәа рыла, ар рԥыза Фараҳ Аль Бурҳан аевакуациа ашәарҭадара агарантиақәа рыҭара дазыхиоуп.

Судан аҟынтә адипломатцәеи атәылауааи ревакуациа арҭ сааҭқәа рзы иалагароуп.

Аих аинформациа ала, Судан арбџьармчқәеи арратә гәыҧ «Аоперативтә адгыларатә мчқәеи» 72 сааҭ рыла ахымца аанкыларазы еиқәшаҳаҭхеит. Ахымца аанкылара арежим амч амазаауеит  Курбан-баирам анҵәамҭанӡа. Зыӡбахә ҳәоу аамҭа иалагӡаны атәылауаа ревакуациазы агуманитартә корридорқәа аартызаауеит.

Судан атәыла арбџьармчқәеи арратә гәыҧ «Аоперативтә адгыларатә мчқәеи»   рыбжьара мшаҧы  15 рзы иалагаз аиҿагылара уажәгьы инагӡоит. Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә аиҿкаара аинформациа ала, иҭахеит  413-ҩык раҟара. Ахәрақәа роуит 3550-ҩык иреиҳаны.