Володимир Зеленски арратә ҭагылазаашьа аан иаку аинформациатә политика амҩаҧгара иазку ақәҵара инапы аҵаиҩит
Володимир Зеленски арратә ҭагылазаашьа аан иаку аинформациатә политика амҩаҧгара иазку ақәҵара инапы аҵаиҩит

Украина ахада  Володимир Зеленский Украина Амилаҭтә шәарҭадареи ахыхьчареи ахеилак ақәҵара «Арратә ҭагылазаашьа аан иаку аинформациатә политика амҩаҧгара иазку» инапы аҵаиҩит.

Ари атәы иануп Украина ахада иофициалтә саит аҿы.

АИХ адыррқәа рыла, атәыла ахада иқәҵара инақәыршәаны, арратә ҭагылазаашьа аан амилаҭтә телеканалқәа зегьы,  астратегиатә коммуникациа иаку аинформациатә платформаҿ уахьгьы-ҽынгьы аус руроуп, уи ала иазҧхьагәаҭоупуу еиҧҟьарад аинформациатә марафон алахәызаара.

Петро Порошенко ифракциа  «Европатәи аидгылара» лахәылеи Espresso TV ашьаҭаркҩи Николаи Книажицки атәыла  ахада иқәҵара акритика азуны, уи ииашам, изакәаным ҳәа иҳәеит.

Украина ахада иадминистрациа анапхгаҩы ибжьагаҩ  Михаил Подолиак иҳәамҭала, атәыла ахада иқәҵара иаанагом каналқәак идыркуеит ҳәа.

«Иаку азеиҧшмилаҭтә телемарафон алахәызаара мацароуп ҳазлацәажәо.

Аканалқәа зегьы рхатә баҩхатәратә хақәиҭра рымоуп, аха, аибашьраан ателеқәыҧшылараҿы иаку аинформациатә политика иҟазароуп», — иҳәеит  Подолиак.