Владимир Зеленски - Украинатәи арбџьармчқәа ирылшо зегь ҟарқоит аӷа аибашьра анагӡара иҭахымхар, урыстәылатәи ар ацәыӡ дуӡӡа амоуп
Владимир Зеленски - Украинатәи арбџьармчқәа ирылшо зегь ҟарқоит аӷа аибашьра анагӡара иҭахымхар, урыстәылатәи ар ацәыӡ дуӡӡа амоуп

Украина ахада Владимир Зеленски иҟаиҵаз аҳәамҭала, Украина, Урыстәылатәи арбџьармчқәа ахаан ирымбаӡацт ацәыӡ азаанагеит.

« Украинатәи арбџьармчқәа ирылшо зегь ҟарқоит аӷа аибашьра анагӡара иҭахымхар, урыстәылатәи ар ацәыӡ дуӡӡа амоуп. Аибашьра 17-тәи амш азы ампықахалаҩцәа ирымоу ацәыӡ адинамикала иубарҭоуп: ари урыстәылатәи ар аганахьала жәашықәсақәа ирылагӡаны имҩаԥгаз зегь реиҳа идуӡӡоу ацәыӡ ауп», — иҳәеит Украина алидер.

Зеоенски ишааицҳаз ала, урыстәылатәи аруаа ргәыԥқәа абџьар шьҭарҵоит, рхатәгәаԥхарала Украина ааныжьны, Урыстәыла ихынҳәын рҭахуп. Украина ахада идырақәа рыла, Украина аҳауатә мчқәа  иршьаҽит атанкқәа 360 цыра, иҭархоуп 60 аҳаирпланқәа, 80 иреиҳаны аҵәиԥрыгақәа, 1200 акәалӡмашьынқәа уҳәа уб.егь.

Иара убас Зеленски ишааицҳаз, Евроеидгылантә Урыстәыла аганахьала асанкциа ҿыцқәа рыдкылара дазыԥшуп.